Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иҭахаз аҵеицәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа, егьа аамҭа царгьы ргәакьацәа ихьааны ргәы иҭаҵәахзаауеит. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Гагратәи аибашьҩы Анатоли Владимир-иԥа Коркьиа иԥсҭазаара анҿахҵәоз, иԥацәа хәыҷқәан. 13 шықәса зхыҵуаз Руслан, иахьа иуаҩыбжара дҭагылоуп, иара иажәақәа рыла ауп ишанҵоугьы иаб изку ихәыҷратә гәалашәарақәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20260927/dyshakhoz-itsa-ialasheit-anatoli-korkia-igalashara-iazkny-1065759910.html
"Дышҭахоз ицәа иалашәеит": Анатоли Коркьиа игәалашәара иазкны
"Дышҭахоз ицәа иалашәеит": Анатоли Коркьиа игәалашәара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иҭахаз аҵеицәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа, егьа аамҭа царгьы ргәакьацәа ихьааны ргәы иҭаҵәахзаауеит. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо... 27.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-27T08:39+0300
2026-09-27T08:39+0300
2026-09-27T10:34+0300
аԥсны
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065760093_0:477:1150:1124_1920x0_80_0_0_aadf43a5cc25bffa1ef3f769a4502be3.jpg
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иҭахаз аҵеицәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа, егьа аамҭа царгьы ргәакьацәа ихьааны ргәы иҭаҵәахзаауеит. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Гагратәи аибашьҩы Анатоли Владимир-иԥа Коркьиа иԥсҭазаара анҿахҵәоз, иԥацәа хәыҷқәан. 13 шықәса зхыҵуаз Руслан, иахьа иуаҩыбжара дҭагылоуп, иара иажәақәа рыла ауп ишанҵоугьы иаб изку ихәыҷратә гәалашәарақәа. Саида Жьиԥҳа, Sputnik Анатоли Владимир-иԥа Коркьиа, шьаҿа ӷәӷәала аԥсҭазааратә мҩа ианыз иакәын. Акыр шықәса аус иуан аекскурсиатә фирмаҟны машьынаныҟәцаҩс. Иара шьҭрала Лӡаатәиин, Асычқәа ҳәа иахьашьҭаз ацуҭа датәын. Анатоли иаб игәараҭа аҩнду иргылеит, гәҭакысгьы иман иуаҩыбжарахь даннеилак арахь нахара даарц. Аха дахьымӡеит… иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра."Ашкол ҭалара аамҭа ааигәахон аҟнытә, ҳан Валентина Карамзиаԥҳа, сашьеиҳабы Валереи сареи ҳлыманы нанҳәа 14 аҽны Шәачаҟа дцеит, амаҭәеи ашколтә маҭәахәқәеи ҳзаалхәарц. Ҳгьежьны ҳшаауаз, ҳаб, Гагра ақалақь ҳаналала, автобус даԥыланы, иаразнак Асычқәаҟа ҳаигеит. Иара Пицундатәи агәыԥ аибашьцәа дрыцны аԥсадгьыл ахьчара дазгылеит", — еиҭеиҳәоит Анатоли иԥа Руслан. Анатоли Коркьиа иеибашьратә мҩа алагеит Гагрантәи. Ныгәзар Долбаиа идҵаҟаҵарала далахәын Гагратәи ажәыларатә аоперациа. Анаҩс дахәҭакхеит Џьумка Чыргба ибаталион. Ԥхынгәытәи ажәылараан, Анатоли Шромаҟа ицамҭазы, цәалашәара хьанҭак имазшәа иԥеиҵбы Руслан ивара дышьҭаиҵеит. Даарагьы даргәамҵуан аиҳабы Валера ианшьцәа рҿы Жәандәрыԥшь дахьыҟаз. Иҭахын рҩыџьегьы рлакҭа аҭаԥшра. Ашьыжь, Анатоли, Руслан даагәыдикылан, ауада дындәылҵеит илахь еиқәны. Аҽны, Анатоли иабхәында Варлам Карамзиа ила, иԥеиҳабы Валера изы иааишьҭит атапанча. Уи алагьы "абзиараз" ҳәа иаиҳәазшәа… Анатоли иҩыза бзиа Хьымца Бениагьы атапанча ҳамҭас ииҭахьан. Аха Хьымца апатронаҭра ицәыӡит. Анаҩс уи шыԥшаахаз џьоушьаратәы иҟоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын Анатоли иашьцәа гәакьацәа Виталии Владимири. Анатоли дҭахоит Шроматәи (Гәыма) ажәылараан, ԥхынгәы 18 рзы, аибашьцәа рхыҵакырҭа иақәшәаз арҭҟәацга ахыԥҽыха иахырҟьаны. Ҩыџьа аԥацәа раб, 44 шықәса зхыҵуаз Гагратәи аибашьҩы Анатоли Владимир-иԥа Коркьиа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал. Анатоли Коркьиа иқәшәаз ахыԥҽыха иахырҟьаны убасҟак ихы-иҿы еилаԥыхха иҟан, дузымдырратәы. Ихәыҷқәагьы "ари ҳаб иакәымзар ҟалоит" ҳәагьы гәыӷрак рызцәырҵит, аха ргәы иажьон… Руслан Коркьиа уаҳа Шромаҟа дымцеит, уа аҟазаара ицәауадаҩын азы. Сынтәа, ԥхынгәытәи ажәылараан Гәыма иҭахаз Пицундатәи абаталион аибашьцәа ргәалашәаразы абаҟа анаатыртуаз ауп, 33 шықәса рышьҭахь раԥхьаӡакәны данца. Иаб ихьӡ зныз абаҟа дадгыланы ифотосахьа аҭыхрагьы игәаӷьит. Аб иоуп аҷкәын ахаҵара адунеи далазырԥшуа. Ан егьа лыԥсҭазаара изылкыргьы, иара дигзаауеит игәашьамх зырӷәӷәо ауаҩы. Руслан Коркьиа иаб акырӡа диеиԥшуп. Дыззымдыруагьы "абри Анатоли иԥа иакәзар ҟалап" рҳәоит. Руслан арҭ ажәақәа иаб агәымшәа игәалашәара аҿаԥхьа еиҳагьы аҭакԥхықәра идырҵоит. Иашьеи иареи еихаҳаны иааргоит Анатоли ирзынижьыз ахԥша. Анатоли Коркьиа ҩыџьа иԥацәа рҟнытә ирызҳаит хҩык амаҭацәа, еиҵагылеит ашьмаҭацәагьы.
https://sputnik-abkhazia.info/20200927/Aa-akhaitra-amsh-ikhadaraz-azhylaraa-1031011423.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
252
60
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
252
60
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
252
60
1920
1080
true
1920
1440
true
1920
1920
true
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
252
60
Sputnik Аҧсны
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
08:39 27.09.2026 (ирҿыцуп: 10:34 27.09.2026)
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иҭахаз аҵеицәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа, егьа аамҭа царгьы ргәакьацәа ихьааны ргәы иҭаҵәахзаауеит. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Гагратәи аибашьҩы Анатоли Владимир-иԥа Коркьиа иԥсҭазаара анҿахҵәоз, иԥацәа хәыҷқәан. 13 шықәса зхыҵуаз Руслан, иахьа иуаҩыбжара дҭагылоуп, иара иажәақәа рыла ауп ишанҵоугьы иаб изку ихәыҷратә гәалашәарақәа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Анатоли Владимир-иԥа Коркьиа, шьаҿа ӷәӷәала аԥсҭазааратә мҩа ианыз иакәын. Акыр шықәса аус иуан аекскурсиатә фирмаҟны машьынаныҟәцаҩс. Иара шьҭрала Лӡаатәиин, Асычқәа ҳәа иахьашьҭаз ацуҭа датәын. Анатоли иаб игәараҭа аҩнду иргылеит, гәҭакысгьы иман иуаҩыбжарахь даннеилак арахь нахара даарц. Аха дахьымӡеит… иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра.
"Ашкол ҭалара аамҭа ааигәахон аҟнытә, ҳан Валентина Карамзиаԥҳа, сашьеиҳабы Валереи сареи ҳлыманы нанҳәа 14 аҽны Шәачаҟа дцеит, амаҭәеи ашколтә маҭәахәқәеи ҳзаалхәарц. Ҳгьежьны ҳшаауаз, ҳаб, Гагра ақалақь ҳаналала, автобус даԥыланы, иаразнак Асычқәаҟа ҳаигеит. Иара Пицундатәи агәыԥ аибашьцәа дрыцны аԥсадгьыл ахьчара дазгылеит", — еиҭеиҳәоит Анатоли иԥа Руслан.
Анатоли Коркьиа иеибашьратә мҩа алагеит Гагрантәи. Ныгәзар Долбаиа идҵаҟаҵарала далахәын Гагратәи ажәыларатә аоперациа. Анаҩс дахәҭакхеит Џьумка Чыргба ибаталион.
"Аибашьра аҽарӷәӷәо ианалага, ҳаб Пицундантәи, Урыстәылаҟа арратә ӷбала Шәачаҟа ҳдәықәиҵеит, устәи Киевҟа ҳцеит. Аԥсныҟа ҳааит Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь. Исгәалашәоит ҳаб данаҳԥылоз, шаҟа зҵаара иаҳҭоз. Ақалақь ҳаналсуаз, ана-ара аибашьра ашьҭақәа ҳбон. Ҳхәыҷратә хшыҩ аҟны аагара уадаҩын иҟацәҟьаз аҵабырг", — игәалашәоит Руслан.
Ԥхынгәытәи ажәылараан, Анатоли Шромаҟа ицамҭазы, цәалашәара хьанҭак имазшәа иԥеиҵбы Руслан ивара дышьҭаиҵеит. Даарагьы даргәамҵуан аиҳабы Валера ианшьцәа рҿы Жәандәрыԥшь дахьыҟаз. Иҭахын рҩыџьегьы рлакҭа аҭаԥшра. Ашьыжь, Анатоли, Руслан даагәыдикылан, ауада дындәылҵеит илахь еиқәны. Аҽны, Анатоли иабхәында Варлам Карамзиа ила, иԥеиҳабы Валера изы иааишьҭит атапанча. Уи алагьы "абзиараз" ҳәа иаиҳәазшәа…
Анатоли иҩыза бзиа Хьымца Бениагьы атапанча ҳамҭас ииҭахьан. Аха Хьымца апатронаҭра ицәыӡит. Анаҩс уи шыԥшаахаз џьоушьаратәы иҟоуп.
"Ԥхыӡла, саб атапанча апатронақәа сџьыба иҭоуп, арахь иҭыга ҳәа саиҳәеит. Ашьыжь санҿыха, ихахьтәи маҭәа аџьыба сҭалазар, уаҟа иҭоуп апатронақәа. Сани сареи уамашәа ибаны, иншьан ахьеиныз иқәаҳҵеит. Ахәылбыҽха ҳгәы ҳҽанӡамкәа, Хьымца дааит аишәа дадтәалоит ҳәа. Ахҭыс анизеиҭаҳҳәа, даршанхеит. Убасҟан, иаргьы саб ҳамҭас ииҭахьаз атапанча апатронаҭра шицәыӡыз, аха атапанча ахаҭа иҵәахны ишимаз иҳәеит. Ажәакала атапанча амаҭәахәи иареи еибаԥшааит", — иихамшҭуа ахҭыс дазааҭгылеит Руслан Коркьиа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын Анатоли иашьцәа гәакьацәа Виталии Владимири. Анатоли дҭахоит Шроматәи (Гәыма) ажәылараан, ԥхынгәы 18 рзы, аибашьцәа рхыҵакырҭа иақәшәаз арҭҟәацга ахыԥҽыха иахырҟьаны. Ҩыџьа аԥацәа раб, 44 шықәса зхыҵуаз Гагратәи аибашьҩы Анатоли Владимир-иԥа Коркьиа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.
Анатоли Коркьиа иқәшәаз ахыԥҽыха иахырҟьаны убасҟак ихы-иҿы еилаԥыхха иҟан, дузымдырратәы. Ихәыҷқәагьы "ари ҳаб иакәымзар ҟалоит" ҳәагьы гәыӷрак рызцәырҵит, аха ргәы иажьон…
"Саб данҭаха ашьҭахь мызқәак ааҵуаны, уи аамҭазы аибашьра еилгахьан, иашьцәеи иҩызцәеи Шромаҟа ҳаргеит сашьеи сареи. Усҟан аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент дсыҿцәажәарц лҽазылшәеит, аха сара сгәы ԥшаан, аҵәыуара салагеит. Уи нас акраамҭа ихьымӡхысшьон, схы сазгәамҵуан саб изы ажәак аҳәара ахьсылымшаз", – игәалашәоит сажәабжьҳәаҩ.
Руслан Коркьиа уаҳа Шромаҟа дымцеит, уа аҟазаара ицәауадаҩын азы. Сынтәа, ԥхынгәытәи ажәылараан Гәыма иҭахаз Пицундатәи абаталион аибашьцәа ргәалашәаразы абаҟа анаатыртуаз ауп, 33 шықәса рышьҭахь раԥхьаӡакәны данца. Иаб ихьӡ зныз абаҟа дадгыланы ифотосахьа аҭыхрагьы игәаӷьит.
Аб иоуп аҷкәын ахаҵара адунеи далазырԥшуа. Ан егьа лыԥсҭазаара изылкыргьы, иара дигзаауеит игәашьамх зырӷәӷәо ауаҩы.
Руслан Коркьиа иаб акырӡа диеиԥшуп. Дыззымдыруагьы "абри Анатоли иԥа иакәзар ҟалап" рҳәоит. Руслан арҭ ажәақәа иаб агәымшәа игәалашәара аҿаԥхьа еиҳагьы аҭакԥхықәра идырҵоит. Иашьеи иареи еихаҳаны иааргоит Анатоли ирзынижьыз ахԥша.
Анатоли Коркьиа ҩыџьа иԥацәа рҟнытә ирызҳаит хҩык амаҭацәа, еиҵагылеит ашьмаҭацәагьы.
| # | Наименование новости | Тональность | Информативность | Дата публикации |
|---|---|---|---|---|
| 1 | "Ашәарыцага шәақьла Гагра ҭаирцәуан": аибашьҩы Адамыр Хагәышь иҭоурых | 0 | 13.87 | 02-10-2026 |
| 2 | "Абылтәы иқәҭәаны дырблит": аибашьҩы Витали Ақырҭаа изкны | 0 | 10.58 | 03-10-2026 |
| 3 | "Уаҵәашьҭахь иҟалоз - иахьа идыруан": аибашьҩы Роман Коӷониа иҭоурых | 0 | 13.37 | 30-09-2026 |
| 4 | "Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны | 0 | 13.25 | 05-10-2026 |
| 5 | "Аиҩхааҟны дҭадырхеит": Гагра иалаханы иҟаз Аркади Пасаниа иҭоурых | 0 | 11.19 | 01-10-2026 |
| 6 | "Ааха дадыргеит": аибашьҩы Ашот Атиан иҭоурых | 0 | 11.37 | 04-10-2026 |
| 7 | "Сҩызцәа сыбла ихгылоуп": Алхас Қәпалба игәалашәарақәа | 0 | 13.57 | 28-09-2026 |
| 8 | Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо: Витали Амаршьан диижьҭеи 85 шықәса ҵит | 0 | 11.02 | 22-09-2026 |
| 9 | Ҷкотуеи Берзениеи еиҭарҳәеит апанно "Аҽы ҟаԥшь иақәтәоу аҽыуаҩ" аиҭашьақәыргылара атәы | 0 | 6.81 | 25-08-2026 |
| 10 | Џьапуа еиҭеиҳәеит АҳәынҭДумахь алхрақәа рылахәхара аҵакы атәы | 0 | 12.45 | 18-09-2026 |